Џьопуа еиҭеиҳәеит еиқәыршәоу ақыҭанхамҩа аҿиаразы ахықәкытә программа шышьақәгылоу
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Ақыҭанхамҩа аминистрра анапынҵа аиҭеит абҵарамза 10 рҟынӡа аусбарҭа-хықәкытә программа "2026 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара" шьақәырӷәӷәазарц, ақыҭарақәа рҿы афермертә нхамҩақәеи анаплакҩцәеи рыцхрааразы ажәалагалақәа азырхиазарц. Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиаразы ахықәкытә программа еиқәыршәоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аусбарҭа аминистр Беслан Џьопуа арадио Sputnik аҟны. 2026 шықәсазы Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма 250 миллион мааҭ азоужьхоит. Арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Сусана Саӡԥҳа Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи реиҿцәажәара инарҭбааны шәахәаԥшыр ҟалоит Sputnik асаит аҟны.