Добавить
Уведомления

Сабуа еиҭеиҳәеит атеатр иԥсҭазаараҿы ианнакыло аҭыԥ

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, актиор, асценарист, ақәыргылаҩ, аиҭагаҩ, Ахьӡ-аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Роман Сабуа иахьа 70 шықәса ихыҵит. Арадио Sputnik аҟны иара еиҭеиҳәеит инаигӡахьо арольқәа дшырзыҟоу, актиорра ааныжьны арежисиорра еиҳа дзызхьаԥшыз, иаԥхьаҟатәи игәҭакқәа ртәы еиҭеиҳәеит. 1975 шыкәса раахыс Аԥсуа драматә театр аҟны аус иуеит. Аспектакль "Мчыла идырхәышәтәҩыз" аҿы Сганарель ихаҿсахьа аԥиҵеит, уи раԥхьаӡакәны инаигӡаз роль хадоуп. Роман Сабуа инаигӡахьоу арольқәа рацәоуп: Акрал Басилио - "Аԥсҭазаара ԥхыӡуп", (П. Кальдерон); Аргон - "Тартиуф" (Ж. Мольер); Шьаликәа – "Махаз" (Ф. Искандер); Кәасҭа – "Ҳауа идагәада?" (Шь. Ҷкадуа); Каска – "Иули Цезарь" (У.Шекспир), иара убас акиносахьақәа "А белая лошадь лучше", "Алхас и Джульетта" рҿы арольқәа наигӡеит. Шәахәаԥш астудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа. Еще больше новостей об Абхазии читайте на нашем сайте: https://sputnik-abkhazia.ru/ Подписывайтесь на нас в соцсетях, там всегда интересно: https://t.me/SputnikAbkhazia http://www.tiktok.com/@sputnikabkhazia https://zen.yandex.ru/sputnik-abkhazia.ru https://vk.com/sputnikabkhazia https://ok.ru/sputnikabk

Иконка канала Sputnik Абхазия
205 подписчиков
12+
10 просмотров
5 месяцев назад

, чтобы оставлять комментарии